Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Баслахә қыҭа ҧшӡоуп, қыҭа беиоуп, адгьыл барақьаҭуп. Ишьҭоуп Аалӡга аҧшаҳәаҿы. Ақыҭа иараионтә центруп ақалақь Очамчыра. Баслахә ақыҭа иамоуп иара ахатәы ҭоурых. Уи ианымҧшыр залымшеит Аҧсны имҩаҧысхьоу ахҭыс дуқәа зегьы. Ақыҭа иамоуп иара Афырхацәа, аҵарауаа, аҟазацәа. Ақыҭа аҭоурых, иара убас аинтерес зҵоу аҟәшақәа шәзаатуеит асаит иаҭаауа зегьы. Ҳара хықәкыс иҳамоуп ҳҭоурых аиқәырхара.

Бзиала шәаабеит!



Ахҭысқәа



Лорена Ԥаӷәааԥҳа: арҵаҩра рҿиарала уаназнеи – ганкахьала ижурналистикахоит  18.05.2019 Лорена Ԥаӷәааԥҳа: арҵаҩра рҿиарала уаназнеи – ганкахьала ижурналистикахоит

Лорена Ԥаӷәааԥҳа занааҭла джурналиступ, аха быжьшықәса инеиԥынкыланы Баслахәтәи абжьаратә школ аҟны аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс аус луеит. Ажурналистика илынаҭаз аҟазшьа аҷыдарақәеи, насгьы урҭ иахьатәи лусураҿы лхы ишалырхәои атәы изеиҭалҳәеит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа.

01.08.2012 Баслахә ақыҭа иалсуа амҩа хада акапиталтә ремонт азуп

Баслахә ақыҭа иалсуа амҩа хада акапиталтә ремонт азуп. Амҩа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цон ҩ-мчыбжь инарзынаҧшуа. Уи аамҭа иалагӡаны амҩаргыларатә усбарҭа (ДРСУ 3) аусзуҩцәа иқәдырҭәеит 5-километрак инарзынаҧшуа 4-километраки бжаки аҭбаара змоу (14 нызықь ҧшьыркца) ақаҭрантә мҩа.

25.05.2012 Баслахәтәи абжьаратә школ аҟны игеит “аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы”

Ҷ. Хьиба ихьӡ зхәу Баслахәтәи абжьаратә школ аҟны 8 – ҩык аушьҭымҭацәа рзы игеит “аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы”. Арҵаҩцәа мҩамш ҳәа раҳәо аушьҭымҭацәа наскьаргеит. Ашкол адиректор, 11 - тәи акласс анапхгаҩы Асида Ҧачлиа-ҧҳа лхәыҷқәа дрыдныҳәало ақәҿиарақәа рзеҕьалшьеит.

Иури  Зыхәба далхыуп Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатс 27.03.2012 Иури Зыхәба далхыуп Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатс

Март 24 рзы имҩаҧысыз Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхразы аҩынтәраантәи абжьаҭараан Баслахәтәи алхратә ҭыҧ хада №25 аҟны адепутатс далхын Иури Зыхәба.

Алхратә ҭыҧ хада №25 аҟны Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхрақәа еиҭамҩаҧгахоит 11.03.2012 Алхратә ҭыҧ хада №25 аҟны Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхрақәа еиҭамҩаҧгахоит

Март 10 рзы имҩаҧысыз Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхрақәа раан Баслахәтәи алхратә ҭыҧ хада №25 аҟны акандидатцәа алхыҩцәа рыбжьқәа ахьырзымхаз иахҟьаны алхрақәа еиҭамҩаҧгахоит.

02.03.2012 Аҧсны Аҳәынҭқарра ажурналистцәа Реидгыла 2011 шықәса рзы ирыларҳәаз арҿиратә конкурс “Ақыҭа иацы, иахьа, уаҵәы” аихшьаалақәа ҟарҵеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра ажурналистцәа Реидгыла 2011 шықәса рзы ирыларҳәаз арҿиратә конкурс “Ақыҭа иацы, иахьа, уаҵәы” аихшьаалақәа ҟарҵеит. Аконкурс аҟны ицәырган агазеҭ “Аҧсны”, “Республика Абхазия”, ажурнал “Алашара” ианылаз, насгьы аҧсуа ателерадиоеилахәыра аҟны иарбаз ажурналистцәа рынҵамҭақәа.

	  Баслахә ақыҭа ауааҧсыра имш иира идырныҳәалоит ақыҭа ахада Коба Ҷыҭанаа 01.03.2012 Баслахә ақыҭа ауааҧсыра имш иира идырныҳәалоит ақыҭа ахада Коба Ҷыҭанаа

Баслахә ақыҭа ауааҧсыра имш иира идырныҳәалоит ақыҭа ахада Коба Ҷыҭанаа. Изеҕьаршьоит агәабзиара, агәамч, ақәҿиарақәа дууқәа!

Баслахә имҩаҧысит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада заанаҵтәи иалхрақәа 29.02.2012 Баслахә имҩаҧысит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада заанаҵтәи иалхрақәа

Очамчыра араион Баслахә ақыҭан имҩаҧысит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада заанаҵтәи иалхрақәа. Алхрақәа рҽаладырхәит Урыстәылатәи атәылауаҩра змоу ақыҭақәа Баслахә, Акәаскьа, Џьал, Гәыҧ, Ҧақәашь анхацәа.

Хҩык Баслахәаа Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатрахь ркандидатура   ықәдыргылеит 01.02.2012 Хҩык Баслахәаа Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатрахь ркандидатура ықәдыргылеит

Хҩык Баслахәаа Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатрахь ркандидатура ықәдыргылеит.

Ҷ.Хьиба ихьӡ зхәу Баслахәтәи абжьаратә школ азыҟаҵаратә класс аҵаҩцәа руада акапиталтә ремонт азуп. 17.01.2012 Ҷ.Хьиба ихьӡ зхәу Баслахәтәи абжьаратә школ азыҟаҵаратә класс аҵаҩцәа руада акапиталтә ремонт азуп.

Абар хышықәса ҵуеит Ҷ.Хьиба ихьӡ зхәу Баслахәтәи абжьаратә школ аҟны иаартуижьҭеи азыҟаҵаратә класс. Аха иахьатәи аамҭанӡа ари акласс аҵаҩцәа рзы ауада ишахәҭоу еиқәыршәаны иҟамызт. Афирма ООО “Абхазрегионстрои” ахантәаҩы Гамлет Бадоиан иҟаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны (100 000 мааҭ), азыҟаҵаратә класс аҵаҩцәа руада акапиталтә ремонт азуп.

             Ҷ. Хьиба ихьӡ зху Баслахәтәи абжьаратә школ афымцарҧхага ҿыцқәа рыла еиқәыршәоуп 17.01.2012 Ҷ. Хьиба ихьӡ зху Баслахәтәи абжьаратә школ афымцарҧхага ҿыцқәа рыла еиқәыршәоуп

Ҷ. Хьиба ихьӡ зху Баслахәтәи абжьаратә школ афымцарҧхага ҿыцқәа рыла еиқәыршәоуп. 12 афымцарҧхага ҿықәа ҳамҭас ашкол иазыҟаиҵеит Ҭырқәтәылантәи иааны иҟоу ҳџьынџьуаҩ Зафер Ванача.

28.12.2011 Ашықәс Ҿыц

Декабр 28 рзы, Ҷ. Р. Хьиба ихьӡ зху Баслахәтәи абжьаратә школ аҟны имҩаҧган ашықәс ҿыц иазкыз аныҳәа.

Очамчыра араион Баслахә ақыҭан имҩаҧысит аҿҳәараанӡатәи  Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхрақәа 01.12.2011 Очамчыра араион Баслахә ақыҭан имҩаҧысит аҿҳәараанӡатәи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхрақәа

Декабр акы азы Очамчыра араион Баслахә ақыҭан имҩаҧысит аҿҳәараанӡатәи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхрақәа.

Баслахә ақыҭа ахадара  аҧсуа жәлар ирыдырныҳәалоит Аиааира Амш 18-шықәса ахыҵра. 30.09.2011 Баслахә ақыҭа ахадара аҧсуа жәлар ирыдырныҳәалоит Аиааира Амш 18-шықәса ахыҵра.

Баслахә ақыҭа ахадара аҧсуа жәлар ирыдырныҳәалоит Аиааира Амш 18-шықәса ахыҵра. Ирзеҕьаршьоит аамҭа бзиеи ақәҿиарақәеи! Нагӡара ақәзааит Аиааира!

Адырра амш 01.09.2011 Адырра амш

Цәыббра акы – адырра амш аҽны Ҷ.Р.Хьиба ихьӡ зху Баслахәтәи абжьаратә школ аҟны имҩаҧысит аныҳәа. Раҧхьаӡа акәны аҵаҩцәа раҳасабала ашкол ашҭа иҭалаз 11-ҩык актәи акласс аҵаҩцәа рзы игеит раҧхьаӡатәи аҵәҵәабжьы.

Баслахә ақыҭа иамоуп ахатә саит 30.08.2011 Баслахә ақыҭа иамоуп ахатә саит

LОчамчыра араион Баслахә ақыҭа иамоуп ахатә саит www.baslakhu.org. Асаит шьақәгылоуп ҩ-бызшәак рыла: аҧсышәалеи урысшәалеи. Уи иаҭаауа изы иаатуеит ақыҭа аҭоурых, ахҭысқәа, афотосахьақәа, афырхацәа ирызкны анҵамҭақәа.

18.06.2011 Ахеидкылақәа рӡыргара

Рашәарамза 18 рзы, Очамчыра ақалақь аҟны имҩаҧысит Очамыреи Гали рраионқәа рхеидкылақәа рӡыргара. Арҭ араионқәа рҿы инхо аҳәса рхеилак иалоу, насгьы аинциативтә ҳәсақәа агәаҳәара аадырҧшит аибадыррак аҳасабала, рқыҭақәеи рықалақьқәеи рҭоурыхи, аҭыҧ ҧшӡарақәеи, инарылыукааша ауааи ирылацәажәарц.

09.07.2010 Уи дҭорыхуп ҳара ҳзы

Арҭ зегьы хыхь иарбоу ашықәсқәа инаргәылагаланы, ишәаны-изаны ишьақәдыргылоит 90ш. Иҟалап 90ш. даара ирацәазаргьы, аха уи аамҭазгьы имаҷзар. Имаҷуп уи аҧсуа хаҵа иқәра наӡа азы, аха имаҷым дызнысыз амҩа, зегьы бҕьыц-бҕьыц еихуршәшәо уҿааухар. Усҟан ауаҩы дызнысыз амҩа егьа икьаҿзаргьы ишьҭа шанылаз ауп ҳзыцклаҧшуа. Уи амҩа цқьазар, уахымҟьозар – ианысыз ажәлар ражәеи рашәеи даҧсоуп.

10.02.2007 Иқәҳа аамҭа шҧацои...

Аџьынџьтәылатә ебашьра Дуӡӡа ашықәсқәа рзы зыҧсадгьыл ахьчаразы игылаз аҵеицәа иреиуоуп Очамчыра араион Баслахә ақыҭа аҵеицәагьы. Урҭ рхыҧхьаӡараҿ иҟоуп Баслахәтәи абжьаратә школ акыр шықәса инеиҧынкыланы директорс иҟаз, иахьа зыхьӡ ахыу Ҷ.Р.Хьиба, аҧҳәызба Аниа Бобуа-ҧҳа, Шьамил Рекәаа, Геронти Берулаа, Африкан Кобахьиа уҳәа аӡәырҩы, урҭ зегьы рдунеи рыҧсаххьеит. Иахьа Баслахә ақыҭаҿ аибашьра Ду аветеран аӡәы иоуп иҟоу.

13.07.2004 Аамҭа ахәрақәа арҕьоит

Жәашықәса раҧхьа аҕа хәымга иабџьар шьҭыхны Аҧсны данақәла, агәымшәара, ахаҵара ду аадырҧшит аҧсуа аҵкицәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿ иҟоуп баслахәаагьы аӡәырҩы. Урҭ ирызҳәатәу ажәа нҵәаӡом, рыхьӡ хьтәы нбанла иарбахоит...


News 1 - 20 of 20
First | Prev. | 1 | Next | Last All