Ахҭысқәа

Баслахә имҩаҧысит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада заанаҵтәи иалхрақәа
Очамчыра араион Баслахә ақыҭан имҩаҧысит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада заанаҵтәи иалхрақәа. Алхрақәа рҽаладырхәит Урыстәылатәи атәылауаҩра змоу ақыҭақәа Баслахә, Акәаскьа, Џьал, Гәыҧ, Ҧақәашь анхацәа.
Баслахә ақыҭа ахада Коба Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, рыбжьы рҭиит 700 – ҩык инареиҳаны ауааҧсыра.