Ахҭысқәа

25.05.2012

Баслахәтәи абжьаратә школ аҟны игеит “аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы”

Ҷ. Хьиба ихьӡ зхәу Баслахәтәи абжьаратә школ аҟны 8 – ҩык аушьҭымҭацәа рзы игеит “аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы”. Арҵаҩцәа мҩамш ҳәа раҳәо аушьҭымҭацәа наскьаргеит. Ашкол адиректор, 11 - тәи акласс анапхгаҩы Асида Ҧачлиа-ҧҳа лхәыҷқәа дрыдныҳәало ақәҿиарақәа рзеҕьалшьеит. Ари аныҳәахь ааҧхьара лыман иара убас, аушьҭымҭацәа раҧхьатәи рырҵаҩы Мадина Черқьезиа. Урҭ лареи егьырҭ арҵеиҩцәеи ажәа ҧхақәа рзыркит. Ааӡара аҟәша аиҳабы Русико Торуа иазгәалҭеит, акыр ишыуадаҩу ублаҿы иааӡо аҵаҩцәа абзиараз ҳәа раҳәара.

Аушьҭымҭацәа дрыдныҳәаларц арахь дааит араионтә Еизара ахантәаҩы Виачеслав Кәакәасқьыр. Ирзеҕьаишьеит амҩа лашеи ақәҿиара дууқәеи.

Аушьҭымҭацәа ирыдныҳәалеит иара убас, актәи акласс иалгази егьырҭ аклассқәа рҵаҩцәеи. Дара урҭ ирзыркит ажәеинраалақәа, иқәдыргылеит аспектакль. Ашкол акәашаратә кружок иалоу ахәыҷқәа ракәзар, аушьҭымҭацәа аҧсуа кәашара ирзыкәашеит.

Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы адыргеит аушьҭымҭа Алиас Хахубиеи актәи акласс аҵаҩы Викториа Бигәааи.

Ирыдаҳныҳәалоит аушьҭымҭацәа ари амш. Ирзеҕьаҳшьоит қәҿиарала рҧышәарақәа рҭиирц.


Back to the list