Ахҭысқәа

13.07.2004

Аамҭа ахәрақәа арҕьоит

Жәашықәса раҧхьа аҕа хәымга иабџьар шьҭыхны Аҧсны данақәла, агәымшәара, ахаҵара ду аадырҧшит аҧсуа аҵкицәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿ иҟоуп баслахәаагьы аӡәырҩы. Урҭ ирызҳәатәу ажәа нҵәаӡом, рыхьӡ хьтәы нбанла иарбахоит...

Сара иалкааны дышәсырдырыр сҭахәуп Ҭамаз Мушьни-иҧа Хәтуш-оҕлы. Баслахә ииз, иааӡаз, ақыҭаҿ аҳаҭыр зқәыз. Аламыс змаз уаҩын.

Аибашьра раҧхьаӡатәи амшқәа инадыркны еибашьра дцеит. Уа ауп ауаҩы дахьудыруа, дахьеилыукаауа. Ҭамаз иҩызцәа изларҳәо ала, дахьдәықәуҵалакгьы гәышҧыла аҕа диҿагылон, дыгәраган, ахаҵареи агәымшәареи змаз, ианахәҭазгьы алаф зҳәоз еибашьҩын. Ҭамаз дыҟанаҵ мрашәа дыҧхон, данҭахозгьы иҧсы мрашәа иҭашәеит. Арҭ ажәақәа баша иҩым, иҳәам, уи рызкуп Ҭамаз иҩызцәеи иареи, зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз афырхацәа.

Ҭамаз дҭахеит 1993ш. хәажәкыра 25 рзы. Аиҿахысра ҕәҕәа ихганы, иҩызцәеи иареи аҩныҟа ишыхынҳәуаз, аҕа иҭирҟьаз ахы иаҩымсит. Уи иҧсы анихыҵуаз ихагылақәаз иҩызцәа изларҳәо ала, абарҭ ажәақәа роуп иҿшәаз: “сҩызцәа, сыхшара, сҭаацәа...”

Иара иқәра маҷны, хҩык ахәыҷқәа аҧшқақәа нзыжьыз, иҧшәма ҧҳәыс Ирина Зарандиа-ҧҳа иара аҩны дахагыламкәа, ахәыҷқәа рааӡара шылцәыуадаҩыз зегьы ирбарҭан. Аха аҧсҭазаара аанҿасӡом, излалшо ала ахәрақәа арҕьоит...

Абџьар аҩнаҭаҟны ианаанха амашәыр ахылымҿиаар залшом. Аибашьра ашьҭахь, еиҭа ашәарҭара рҽацәырыхьчарц, абџьар аҩны иаанзыжьыз рацәоуп.

Уи амашәыр ахылҿиааит Ҭамаз Хәтуш –оҕлы иҩнаҭаҿгьы. Иара ишәақь ала 11 шықәса зхыҵуаз иҧазаҵә машәырла агәыла хәыҷы дҭаирхоит. Иҧсҭазаара ҿахҵәеит Ҭенгиз Хәтуш – аҕлы. Ари ҟалеит иаб данҭаха шықәсык ашьҭахь.

Аҧсуа сахьаркыратә литератураҿгьы иҟоуп И. Ҭарба иҩымҭа “Жәа-шықәса рышьҭахь” ҳәа. Абраҟа иаарҧшу ахҭысгьы даҽазнык иаҳнарбоит аибашьра ахҟьа-ҧҟьақәа уи ашьҭахьгьы акыр шықәса рхы шаҳдырдыруа.

Убас, аибашьра ашьҭахь аҩнаҭақәа рҟны инхаз абџьарқәа ирыхҟьаны иҭахеит имаҷымкәа ауаа, еиҳараӡак ахәыҷқәа. Ари аҩыза ахҭыс ҟалеит Аҷандара ақыҭан, Ҳагаа рҭаацәараҿы. Абас еиҧш ирыцҳароу ахҭыс ҩаҧхьа иҟамларцзы аҩнаҭақәа рҿы ахәыҷқәа иахьырҧырамшәаша иҧхьактәуп абџьар.Уи адагьы абџьар зыҩны иҩноу, ргәы аннеибархалак, имаҷӡам амашәыр анахылҿиаауа. Баша иҳәам аҧсуа жәаҧҟа “Абџьар аҩысҭаа дақәтәоуп” ҳәа. Ус анакәха абџьар аҽацәыхьчалатәуп.

Агазеҭ “Аҧсны” № 55-56; 2004ш. Лорена Ҧаҕәаа


Back to the list