Шьоуа Фиодор (Нодар) Маҳаид-иҧа

Шьоуа Фиодор (Нодар) Маҳаид-иҧа

(20.10.1954 - 27.02.1993)

Шьоуа Фиодор (Нодар) Маҳаид-иҧа диит 1954 шықәса жьҭаара 20 рзы, Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан. Абжьартә школ даналга арратә маҵурахьы иҧхьоит. Ашьҭахь дҭалоит ақыҭанхамҩатә техникум ақ. Нагаиск. Аҵара даналга аррамаҵурахьы иҧхьоит. Уи ашьҭахь иқыҭа гәакьаҿ абригада напхгаҩыс аус иуан. Аибашьра аналага Фиодор иуаажәлар дрывагыланы аҕа хәымга диҿагылеит. Дҭахеит жәабран 27, 1993 шықәсазы.

Back to the list