Хьиба Ҭамаз Шьалуа-иҧа

Хьиба Ҭамаз Шьалуа-иҧа

(11.06.1961 - 11.12.1993)

Хьиба Ҭамаз Шьалуа-иҧа диит 1961 шықәса рашәара 11 рзы, Очамчыра араион Баслахә ақыҭан. Баслахәтәи абжьаратә школ даналга дҭалоит аучилишье. 1980 шықәсазы Ҭамаз иҧхьоит Архангельсктәи аобласть, ақ. Мирныиҟа аррамаҵуара. Аррамаҵура дахысны ҩышықәса рыла дхынҳәеит Аҧсныҟа, дагьалагоит Баслахәтәи абжьаратә школ аҿы аџьа арҵаҩыс аусура. Уа аус шиуаз иалагоит аибашьра. Деибашьуан Баслахәтәи абатальон аҿы. Аибашьра анеилга, мызқәак рышьҭахь Ҭамаз машәырла дҭахоит. Дҭаацәаран, иҭынхеит хҩык ахшара

Back to the list