Адлеиба Гарик Хәыта-иҧа

Адлеиба Гарик Хәыта-иҧа

(03.06.1961 - 07.02.2007)

Адлеиба Гарик Хәыта-иҧа диит 1961 шықәса рашәара 3 рзы, Очамчыра араион Баслахә ақыҭан. Иқыҭаҿ абжьаратә школ даналга иҧхьоит аррамаҵура ақалақь Омск. 1981 арра даналга Аҧсныҟа дхынҳәеит, аусура далагоит. Гарик аибашьра ихьӡеит Баслахә дшыҟаз, усҟан иара иабџьар шьҭыхны дцоит еибашьра. Деибашьуан Баслахәтәи аҧшьбатәи абатальон, ахҧатәи аполк аҿы. Аибашьра ашьҭахь Гарик акыршықәса аус иуан Очамчыратәи ачаӡырҭатә зауад аҟны аиҳабы ихаҭыҧуас. Иҧсҭазаара далҵит 2007 шықәса жәабран 7 рзы. Дҭаацәаран, иҭынхеит ҧшьҩык ахшара.

Back to the list