Кәакәасқьыр Гиви (Мариман) Гьаргь-иҧа

Кәакәасқьыр Гиви (Мариман) Гьаргь-иҧа

(26.07.1955 - 30.01.1998)

Кәакәасқьыр Гиви (Мариман) Гьаргь-иҧа дитт 1955 шықәса ҧхынгәы 26 рзы. Баслахәтәи абжьаратә школ аҿы аа-класск далгеит, аҵыхәтәантәи ҩ-класск аҵара иҵон Очамчыра. Аррамаҵуара дахысуан Балтиатәи афлот аҿы. Аибашьраан аҧхьатәи амш инаркны иҩызцәа дрывагылан Баслахә деибашьуан аиааира амш аҟнынӡа. Аибашьра ашьҭахь Гиви аус иуан Баслахәтәи Асовнхара аиҳабыс. Аибашьраан иоуз аконтузиа изцәырнагеит ачымазара бааҧсы. Уи иахҟьаны 1998 шықәсазы Гиви иҧсҭазаара далҵуеит. Дҭацәаран, ҩыџьа ахшара драбын. Иара ианашьоуп “Леон” иорден.

Back to the list