Зыхәба Виктор Душьел-иҧа

Зыхәба Виктор Душьел-иҧа

(01.01.1961 - 18.12.1993)

Зыхәба Виктор Душьел-иҧа диит 1961 шықәса ажьырныҳәа 1 азы. Далгеит Баслахәтәи абжьаратә школ. Ашьҭахь аҵара иҵон Аҟәатәи ақыҭанхамҩатә техникум аҟны. Аррамаҵура дахысуан Омск ақалақь. Аҧсны жәлар реибашьраан иара деибашьуан Басалхәтәи абатальон аҿы. 1993 ш. ҧхынҷкәын 18 рзы машәырла дҭахоит. Виктор Зыхәба ианашьоуп “Агәымшәараз” амедал.

Back to the list