Саӡба Вадик (Мати) Ҷыҷыкәа-иҧа

Саӡба Вадик (Мати) Ҷыҷыкәа-иҧа

(15.03.1952 - 10.04.1999)

Саӡба Вадик (Мати) Ҷыҷыкәа-иҧа диит 1952 шықәса хәажәкыра 15 рзы, Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Кәтолтәи абжьаратә школ даналга ашьҭахь, иара иҧхьоит аррамаҵура. 1972 шықәсазы аррамаҵура Вильна дахысны дхынҳәуеит Аҧсныҟа. Ара амашьынаныҟәцаҩыс аусура далагоит. Уи ашьҭахь аус иуан Баслахәтәи афермаҿы, иара убра ихьӡоит аибашьра. Аибашьра зегьы Вадик дықәҧон Баслахәтәи абатальон аҿы. Иара дивагыланы дицеибашьуан жәаф шықәса зхыҵуаз иҧа Алексеигьы. Вадик аибашьра ашьҭахь иоуз ахәра иахҟьаны 1999 шықәсазы иҧсҭазаара далҵуеит.

Back to the list