Ҧерцхелиа Вахтанг (Вахо) Мартын-иҧа

Ҧерцхелиа Вахтанг (Вахо) Мартын-иҧа

(21.04.1954 - 24.04.2009)

Ҧерцхелиа Вахтанг (Вахо) Мартын-иҧа диит 1954 шықәса мшаҧы 21 рзы, Очамчыра араион Баслахә ақыҭан. Иқыҭаҿы абжьаратә школ даналга, дҭалоит Аҟәатәи асахьаҭыхратә училишье. Аибашьра ианалага Вахтанг дыҟан Гагра, далахәын Гагра ақалақь ахақәиҭтәразы ажәылара. Ашьҭахь иара диасуеит Мрагыларахьтәи афронт ахь, ара деибашьуан аибашьра нҵәаанӡа. 2009 шықәса мшаҧы 24 рзы иҧсҭазаара далҵуеит. Ианашьоуп “Агәымшәаразы” амедал. Иара дҭаацәаран, ҩыџьа ахшара драбын.

Back to the list