Берулаа Автондил (Авто) Иван-иҧа

Берулаа Автондил (Авто) Иван-иҧа

(27.10.1960 - 11.09.2000)

Берулаа Автондил (Авто) Иван-иҧа диит 1960 шықәса жьҭаара 27 рзы, Очамчыра араион Басалхә ақыҭан. Басалхәтәи абжьаратә школ аҿы жә-класск даналга дииасуеит Очамчыраҟа. Уи ашьҭахь, Автондил аррамаҵуара дахысуан ақ. Цхинвал. Арра ашьҭахь аусура далагоит Басалхәтәи ачаи афабрикаҿы. Аибашьра ианалага иабџьар шьҭыхны аҕа диҿагылоит. Деибашьуан Баслахәтәи абатальон ахҧатәи аполк аҿы. Аибашьра ашьҭахь аус иуан комендантс Ҕәымрышь ақыҭан. Имаҵуратә усқәа рымҩаҧгараан машәырла дҭахоит 2000 шықәса цәыбрра 11 рзы. Ианашьоуп “Агәымшәараз” амедал.

Back to the list