Кирҭаӡе Џьон Сырбеи-иҧа
(08.11.1961 - 26.04.2009)Кирҭазе Џьон Сырбеи-иҧа диит 1961 шықәса абҵара 8 рзы, Очамчыра араион Баслахә ақыҭан. Иқыҭан ашкол даналга аусура далагоит амашьынаныҟәцаҩыс. Аибашьраан деибашьуан Мрагыларахьтәи афронт аҿы еиҧш, Мраҭашәарахьтәи афронт аҿгьы. Ҩынтә дхәын; знык Баслахә, аҩынтәраан Шрома. Иоуз ахәрақәа изцәырыргаз ачымазара иахҟьаны иҧсҭазаара далҵуеит 2009 шықәса мшаҧы 26 рзы. Ҩыџьа ахшара драбын.