Дохнаӡе Григори Елакр-иҧа

Дохнаӡе Григори Елакр-иҧа

(02.04.1937 - 12.07.2007)

Дохнаӡе Григори Елакр-иҧа диит 1937 шықәса мшаҧы 2 рзы Очамчыра араион Баслахә ақыҭан. Иқәыҧшра зегьы ихыигеит иқыҭа гәакьаҿ. Аҧсны аџьынџьтәылатәи еибашьраан Григори ацхыраара ду риҭон Баслахәтәи абатальон аибашьцәа. Есыҽны ахырҕәҕәарҭаҿы игылаз аибашьцәа фатәы-жәтәыла еиқәиршәон. Иҧсҭазаара далҵит лаҵара 12, 2007 шықәсазы.

Back to the list