Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Баслахә қыҭа ҧшӡоуп, қыҭа беиоуп, адгьыл барақьаҭуп. Ишьҭоуп Аалӡга аҧшаҳәаҿы. Ақыҭа иараионтә центруп ақалақь Очамчыра. Баслахә ақыҭа иамоуп иара ахатәы ҭоурых. Уи ианымҧшыр залымшеит Аҧсны имҩаҧысхьоу ахҭыс дуқәа зегьы. Ақыҭа иамоуп иара Афырхацәа, аҵарауаа, аҟазацәа. Ақыҭа аҭоурых, иара убас аинтерес зҵоу аҟәшақәа шәзаатуеит асаит иаҭаауа зегьы. Ҳара хықәкыс иҳамоуп ҳҭоурых аиқәырхара.

Бзиала шәаабеит!



Ахҭысқәа



Адырра амш 01.09.2011

Адырра амш

Цәыббра акы – адырра амш аҽны Ҷ.Р.Хьиба ихьӡ зху Баслахәтәи абжьаратә школ аҟны имҩаҧысит аныҳәа. Раҧхьаӡа акәны аҵаҩцәа раҳасабала ашкол ашҭа иҭалаз 11-ҩык актәи акласс аҵаҩцәа рзы игеит раҧхьаӡатәи аҵәҵәабжьы.

“Сара даара сеигәырҕьоит ашкол ахь сахьцаз, араҟа изгәаҧхоит, ахәыҷқәа рацәоуп”, - ҳәа лгәалаҟазаара бзиа ҳацеиҩылшеит актәи акласс ахь ицаз Викториа.

Иҳәатәуп, ари ашкол аҟны ишыҟоу актәи акласс ахь имцац ахәыҷқәа рахьҽазыҟарҵо акласс (нулевой). Сынтәа уахь иҭалаз рхыҧхьаӡара наӡоит ааҩык рҟынӡа. Зынӡа Баслахәтәи абжьаратә школ аҟны аҵара рҵоит 79 – ҩык аҵаҩцәа.

Ашкол адиректор Асида Ҧачлиа-ҧҳа лажәақәа рыла, ашкол аҵарашықәс алагара иазыхьиоуп.


Back to the list