Аҭоурых

Ажәытәӡан зны қыҭак ахәаҟны дынхон амал змаз Баслыхә (Базлыхә) Чачба ҳәа анхаҩы ебагак. Иара анхацәа ҕарқәа акыр дрыцхраауан, даргьы бзиа дырбон. Аха аамҭа џьарак иаанҿасӡом, аӡә дииуеит, аӡә дыҧсуеит. Уи акәхеит Баслыхә иҧсҭазаара далҵит, уи ашьҭахь акыҭа зегьы ихьӡ ахьӡыртәит.

Баслахә қыҭа ҧшӡоуп, қыҭа беиоуп, адгьыл барақьаҭуп. Ишьҭоуп Аалӡга аҧшаҳәаҿы. Уи акәша-мыкәша ишьҭоуп абас еиҧш иҟоу ақыҭақәа: Ҧақәашь, Елыр, Мыркәыла, Акәаскьа уҳәа убас иҵегьы. Арҭ ақыҭақәа ирраионтә центруп ақалақь Очамчыра.

 Баслахә ақыҭа жәытә-натә аахыс ишоит ф-ҳаблакны: Додлан, Абжьааптра (Баслахә агәы), Агдара, Акәаскьа ҿыц, Ахәаа, Ашыцра.

Баслахә ақыҭа иамоуп иара ахатәы ҭоурых. Уи ианымҧшыр залымшеит Аҧсны имҩаҧысхьоу ахҭыс дуқәа. Араҟа иҳәатәуп ақыҭаҿ ишгылоу ижәытәӡатәиу аҭоурыхтә уахәама. Аҵыхәтәантәи ашәышықәсқәа рзы араҟа иҟамызтә аҭагылазаашьа агәаҳәара змоу даҭааны цәашьык аиркыртә. Уажә ааигәа иҟаҵаз аремонт абзоурала, иахьа ауахәамаҿ уимоу аӡаахрақәагьы мҩаҧысуеит.

Баслахә адгьыл барақьаҭуп. Араҟа ажәытәан, аҭыҧантәи аколхоз акыр ибеиан. Иааадрыхуан ачаи, аҭаҭын уҳәа убас иҵегьы.

 Раҧхьаӡакәны Баслахә ақыҭан аколхоз аҧҵан 1929 ш. рзы. Аколхоз х-ҩык баслахәаа-ариволиуционерцәа рыхьӡ ахын. Урҭ ақыҭа ахьӡ ҭызгаз, иахьа ақыҭа акәльтуратә хан ашҭаҿ анышә иамадоу Баграт Ҧаҕәаа, Амбросиа Кобахьиа, Ҟараман Мамацев роуп. Аамҭак азы ақыҭа аколхоз Н.Лакоба ихьӡ ахын , анаҩыс Сталин уҳәа аамҭала-аамҭала ахьӡқәа рҿырыҧсахуан. Иахьатәи аамҭазы аколхоз аус амуазаргьы ауааҧсыра маҷ-маҷ иаадрыхуеит еиуеиҧшым ауҭраҭыхқәа, ашәырқәа, рнапы алакәуп абизнес-маҷ уҳәа убас иҵ.

 Аҧсны аџьынџьтәылатәи еибашьра (1992-1993ш.) ашықәсқәа рнаҩыс ақыҭа аамҭа-аамҭала ахадара азыруан: Вахтанг Гаделиа, Владимир Гарцкиа, Давид Кикориа, Беслан Кикориа, Шьалико Адлеиба, Раули Бганба, Вианор Қацәба. Ақыҭаҿ ицәырҵуа еиуеҧшым азҵаарақәа зыӡбо акәны иҟоуп ақыҭа ахадара. Иахьа Баслахә ақыҭа ахадас дыҟоуп ақыҭа ахьаа зызхьаау, аашьарак ҟамҵакәа уи амаҵ азызуа Коба Фридон-иҧа Ҷыҭанаа.

Аҧсны XIX ашәышықәсазы иҟалаз амҳаџьырра ҕәҕәала ианыҧшит Баслахә ақыҭагьы. 1877-1878 ш. рзы 31 ҭӡы баслахәаа Ҭырқәтәылаҟа иӡхыргеит. Шамахамзар аӡәгьы дыхнымҳәӡеит, атәым жәҩн аҵаҟа рдунеи рыҧсахит, уа инхазгьы дыҟоуп. Урҭ амҳаџьырцәа рыжәлақәагьы, шамахамзар иаанымхеит Баслахә ақыҭаҿ: Цымба, Цыгәба, Палба, Ашәба уҳәа убас иҵегь.

 Еиуиҧшым аамҭақәа рзы Баслахә ақыҭаҿ ииуан ақыҭа мацара акәымкәа Аҧсны зегьы зыхьӡ наӡахьаз афырхацәа. Урҭ иреиуоп: Ленин иорден занашьоу Аџьа афырхацәа Александра Воуба, Татушьа Бобуа, Иван Берулаа, Маҷиҷ Липартиа, Шьалико Адлеиба уҳәа аӡәырҩы.

 Аџьыџьтәылатәи аибашьра атәы анаҳҳәо иҳамҳәар ҳалшом 1941-1945 шықәсазтәи аибашьра Дуӡӡа Баслахә ақыҭа ишаныҧшыз атәы. 160-ҩык рҟынӡа баслахәаа рҵеицәа ари аибашьра иалахәын. Ари аибашьра ду иафырхацәаны ақыҭаҿ рыхь наунагӡа иаанхеит: Шьамил Рекәаа, Геронти Берулаа, Африкан Кобахьиа,ыкәа  Ҷыҷыкәа Хьиба, Шьалико Убира  (иҧсҭазаара далҵит 2011ш. рзы) уҳәа аӡәырҩы. 

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993ш.) рзы баслахәаа рҵеицәа аӡәы иҵамхо рыҧсадгьыл ахьчараз игылеит. Абџьар шьҭырхит измаз, измамызгьы урҭ инарывагылеит, иаҭаххозаргьы напышьашәала иқәҧарц, еиҿкаахеит қыҭаҿ абаталион. Баслахәаа рацәаҩны рыҧсадгьыл рхы ақәырҵеит. Аибашьра амцашыраҿ иҭахаз иреиуоуп Баслахәаа рҵеицәа: Иура Оҭар-иҧа Берулаа, Валериан Фиодр-иҧа Иванченко, Валери Қәҭина-иҧа Берулаа, Ҭамаз Мушьни-иҧа Хәтуш-оглы, Мурман Иуана-иҧа Матуа, Леуан Ади-иҧа Кәакәасқьыр, Оҭар Михаил-иҧа Ҧерцхелиа, Генадии Владимир-иҧа Ҭурқиа. Х-ҩык баслахәаа рҵеицәа “Аҧсны Афырхаҵа” ҳәа ахьӡ рхуп. Урҭ: Беслан Кикориа, Виачеслав Бганба, Геннади Ҭурқиа (данҭаха ашьҭахь) роуп. “Леон иорден” ранашьоуп: Лизберт Ҧерцхол-оглы, Мирон Зақараиа, Беслан Бигәаа, Роланд Берлаа, Гиви Кәакәасқьыр, Даур Кьырҭаӡе.

 Лаҭатәи атрагедиа хлымӡаах аҿы иҭахеит харак змамыз аҳәсеи асабицәеи. Баслахәынтәи араҟа иҭахеит ҩ-ҭаацәарак: Зарандиа- Аҧшьлаа Маринеи лыҷкәынцәа Аҧшьлаа Адгәыри Дениси; Аҧшьлаа-Коҕониа Аидеи лыҧҳа хәыҷы Коҕониа Еланеи; Акаба-Ҷыҭанаа Џьулетеи лхәыҷы Ҷыҭанаа Алхаси; Ҷыҭанаа-Шьакаиа Маиеи лхәыҷқәа Шьакаиа Сантеи Лашеи. Егьа аамҭа царгьы ари ахлымӡаах ҭоурыхла аҧсуак дыҟанаҵ игәы иҭыҵӡом, аҧхыӡ еиҧш иблақәа ирхызаауеит. 

Аибашьра анеилга инымҵәаӡеит уи иахылҿиааз амашәырқәеи агәаҟрақәеи. Аибашьра ашьҭахь Гал араионҿ зуалҧшьа назыгӡоз баслахәаа рацәаҩны иҭахеит, имаҷым машәырла иҭахаз арҧарцәа...

Аҭоурых ду амоуп Баслахә аҵарадырра аизырҳаразы иҟаҵаз аусқәа.

Раҧхьа Баслахә алагарҭатә школ аартын 1903 шықәсазы. Убри ашықәс инаркны 1908 шықәсанӡа Баслахә игыламызт ашкол ахыбра. Уи иахҟьаны аҭыҧантәи апап Миха Асаҭиани иаҧшьгарала ахәыҷқәа адырҧхьон арасаҵла амҵан.

1908 шықәсазы Баслахә ақыҭан иргылан алагарҭатә школ азы аҕәтәы ахыбра. Уи ашкол гылан 1933 шықәсанӡа. Ашкол ахыбра еиҳа инарҭбааны аргыларазы иалхын уи еиҿызкааша агәыҧ. Уи иалан: Елызбар Кобахиа, Мыџьа Кикориа, Быгә Есаҭиа, Мелтон Харебаа, Лад Ҭарба. Урҭ рыбзоурала ақыҭа агәҭаны иргылан иинеиҵыхыз ашкол. Арҭ аамҭақәа рзы аус руан еиуеиҧшым амилаҭқәа. Уи зынгьы иқырҭуа школын. 1941 шықәса инаркны ари ашкол аҿы аусура иалагеит баслахәаа: Биҷико Исидор-иҧа Барамиа, Жора Сократ-иҧа Ҭарба, Ҷыҷыкәа Расҭа-иҧа Хьиба, Жора Рекәаа, Ипполит Давид-иҧа Барамиа.

 1945 шықәса инаркны 1999 шықәсанӡа ари ашкол аҿы аус иуан иахьа зыхьӡ ахәу Ҷыҷыкәа Расҭа-иҧа Хьиба. Аамҭақәа ирымоуп дара рфырхацәа. Амилаҭ маҷ, амилаҭ ду ҳәа еилымхкәа, уи еиднакыло ажәлар ирымоуп аҵеицәа лыҧшаахқәа, убарҭ дреиуан ҳәа изаҳҳәар ҳалшоит Ҷ.Р. Хьиба. Ҷыҷыкәа Расҭа-иҧа диит 1921 шықәсазы. Абжьаратә школ ашьҭахь Аҟәатәи арҵаҩратә техникум далгеит. Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын. Ахәра ҕәҕәагьы иоуит... Абас дуаҩыбжан дшыҟазгьы, иара илшеит ақыҭа ашкол ахьӡ ашьҭыхра, 45 шықәса ашкол анапхгаҩыс дыҟан. 1964 шықәсазы Баслахә иаадыртит ашкол ҿыц. 

Ҷыҷыкәа Расҭа-иҧа ианашьан Аҧсны зҽаҧсазтәыз арҵаҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы. Иара убас, СССР иреҕьу арҵаҩы ҳәа аџьшьара.

Иҧсҭазаара далҵит актиабр 28, 2002 шықәсазы. Убри ашықәс инаркны Баслахәтәи абжьаратә школ Ҷ. Р. Хьиба ихьӡ ахыуп.

 1999 шықса раахыс ари ашкол анапхгара азылуан Рита Заур-иҧҳа Чаблах. Зажәеи зуси еимадаз, аҿар рааӡареи рҧеиҧши иазхәыцуаз лакәын Рита Чаблах. Лара илыллыршеит аибашьра ааха ҕәҕәа знаҭаз, акыршықәса аиҭашьақәыргыларатә усқәа ахымҩаҧымсыцыз ашкол аҿы Ареспубликеи араиони рыцхыраарала аиҭашьақәыргылара. Ақыҭа ахадареи арҵаҩратә еилазаареи рымчала иахьынӡалшоз ашкол ахаҿра аҧсахра. Иадгалан аҩнымаҭәа ҿыцқәа, акомпиутерқәа, ахархәарахь ирыҭан акрыфарҭа ҿыц. Абас, амшын цәыкәбар-цәыкәбарла еицылоит шырҳәо еиҧш дмаашьакәа ашкол аус азылуан. Илаамҭаӡамкәа илызцәырҵыз ачымазаара бааҧс иахҟьаны лыҧсҭазаара далҵит март 29, 2010 шықәсазы.

 Иахьа Баслахәтәи абжьаратә школ ахадас дыҟоуп Асида Шьоҭа-иҧҳа Ҧачлиа, аҵара аҟәша еиҳабыс Изольда Илико-иҧҳа Нинуа, аҿар рааӡара аҟны ашкол адиректор лхаҭыҧуаҩс Русико Кондрат-иҧҳа Торуа. 

 Иахьатәи аамҭазы иӡбатәу азҵаарақәа жәпакы шыҟоугьы Баслахә ақыҭа ҧхьаҟа еихоит. Уи рыбзоуроуп напеибаркыла аус зуа Баслахә иааӡаз аҵеицәа. Иҳәатәуп Баслахә ақыҭа иалҵыз аҵарауаа дшыруаӡәкәу ашәҟәҩҩы ду Иван Ҭарба, аҵарауаҩ Виачеслав Бганба. Иара убас иахьатәи аамҭазы ирацәаҩуп Баслахә иалҵыз аҿар Аҧсны Иреиҳаӡоу аусбарҭақәа амаҵ рзызуа. Ишәҭааит икакаҷааит Аҧсынра! Нагӡара ақәзааит Аҭынчра!