Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә герб

Герб Республики АбхазияАҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә герб зну хыхьла-ҵаҟала еиҟароу ҩ-хәҭакны ишоуп, ахәҭақәа руак - ҧшшәыла ишкәакәоуп, егьи – иаҵәоуп. Агерб ацәаареии асиужеттә еиҿартәышьеи - хьыҧшшәалоуп. Агерб аҵаҟатәи ахәҭаҟны аа-кәакьк змоу аеҵәа ануп.

Хыхьтәи ахәҭа аҟны иануп ҩ-еҵәа хьыҧшшәалак. Агерб агәҭаны – аеҵәақәа рахь ахҿа зышьҭуа аҽуаҩ, алакә ҽы – Арашь дақәтәан, дануп.

Агерб асиужет нарҭтәи аепос иадҳәалоуп. Агерб аҧшшәахәы иаҵәа символра азнауеит аҿареи аҧсҭазаареи, ашкәакәа – адоуҳара. Аа-кәакьҭа змоу аеҵәа ду, ари аиҭарҿиара асолиартә дыргоуп. Аеҵәа хәыҷқәа символра рзыруеит Мраҭашәареи Мрагылареи ркультурақәа ракзаара


Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ

Флаг Республики АбхазияАҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ ашәага-загақәа - ауреи аҭбаареи 2:1 ҳәа аизыҟазаашьа рымоуп. Аура ахы-аҵыхәа аиаҵәа ҧшшәхәи ашкәакәа ҧшшәхәи рыла зҽеиҭнызыҧсахло ацәаҳәақәа ануп, урҭ рахьынтәи ҧшьба иаҵәоуп, хҧа – шкәакәоуп. Хыхьла ацәаҳәақәа алагоит иаҵәа ҧшшәхәыла. Аиаҵәа-шкәакәа цәаҳәақәа, Аҧсны злахәылаз Ашьхаруатә республика (1918ш.) абираҟ аелиментқәа ируакуп. Аиаҵәа ҧшшәхәы аҧсҭазаара символра азнауеит. Ашкәакәа – атәыла ҧхьаҟатәи аҧеҧш.

Хыхьтәи армарахьтәи акәакь аҟны абираҟ иануп ҧшшәахәыла иҟаҧшьу аҧшьыркца иаша, абираҟ аураҟынтәи 0,38, аҭбаараҟынтә х-цәаҳәаки иҟоу ахышәа-ҵышәала. Аҧшьыркца агәҭаны иарбоуп иаарту амаҿа шкәакәа. Амаҿа ахахьала иаҿыкәыршоуп – хәба-хәба кәакьҭа змоу аеҵәа шкәакәақәа быжьба.

Иаарту амаҿеи аеҵәа шкәакәақәа быжьбеи Аҧсуа ҳәынҭқарра (7-10 ашә.) абираҟ иаҿырҧшуп. Аҟаҧшь – ари арратә фырхаҵара иасимволуп, иаарту амаҿа – аҭынчреи, агәаартреи асасдкылареи ирсимволуп. Афон ҟаҧшь аҟны иаарту амаҿа шкәакәа, ари, Аҧсуа аҳра аан аиҿкаара зауз, 12 шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа, аҧсуа ҳәынҭқарра иасимволуп. Амаҿа ахыхь иану хә-кҿакьҭак змоу абыжь еҵәак рдыргоуп Аҧсны аҭоурых дгьылқәа быжьба: Саӡтәыла (Џьигетиа), Бзыҧ, Гәыма, Абжьуа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ҧсҳәы-Аибга. Дара ирыҵаркуан аҧсуаа ретникатә ҵакырадгьыл: аӡиас Хосҭа (аубыхцәа рҳәаа ) инаркны аӡиас Игры (агырцәа рҳәаа) аҟынӡеи Амшын Еиқәа аҟынтәи Кавказтәи ашьхақәа рҟынӡеи.


Агимн

Аиааира - Аҧсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә гимн. 1992 шықәсазы, Аҧсны ахьыҧшымра аназхарҵа ашьҭахь ишьақәырҕәҕәан аҳәынҭқарратә гимн. С. Багаҧшь атәыла Ахадас даналырх ашьҭахь, жьҭаара 24 2007 шықәса рзы, ахҧатәи аҧхьарала ирыдкылан азакәанҧҵара “Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә гимн азы”. Аҧсуа гимн шьаҭас иаиуит Қырҭтәылатәи Адемократиатә республика ар Аҧсны аоккупациа аназыруз аамҭазтәи ашәа “Кьараз”.



Loading Player

Агимн
Шәнеибац, шәнеибац,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа.
Аҧсны азыҳәан
Ашьа казҭәаз,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа.
Ахақәиҭраз
Ашьа казҭәаз,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа.
О-ҳо-ҳо-о ҳо-о-Рада
О-ҳо-ҳо-о ҳо-о-Рада-Ра!
Ажәҩан мрадоуп, еҵәадоуп
Уара уда Аҧсынра!
Еҵәa-бырлаш Аҧсынтәла,
Улҧха згәаҵақәа ирҭыҧхо,
Геи-шьхеи рыҧшӡара заҧшнылаз.
Жәлар ламысла иҳаракоит.
Рада, Реида, Рарира
Рада, Рерама, Рерашьа.
Нарҭаа риирa-зиироу
Афырхацәа Ран-Гуашьа
Аҧсынтәыла-иҧшьоч атәыла
Зхы здиныҳәалаз Анцәа
Зқьышықәасала имҩасхьо гылоуп
Рыжәаҩа еибырҭоит уҧацәа.
Шәнеибац Аҧсныжәлар!
Аишьцәа, шәнеибац!
Нхыҵ-аахыҵ ҳаицуп!
Ҳазшаз илаҧш
Ҳхыуп иаҳхымәо
Ҧеҧш лаша ҳзышуп!
Шәнеибац, Аҧсныжәлар,
Игылеит ҳамра,
Иақәым ҭашәара!
Урылагәыргьа,
Анра-аҳшара
Шьардаамҭа, Аҧсынра.