Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Баслахә қыҭа ҧшӡоуп, қыҭа беиоуп, адгьыл барақьаҭуп. Ишьҭоуп Аалӡга аҧшаҳәаҿы. Ақыҭа иараионтә центруп ақалақь Очамчыра. Баслахә ақыҭа иамоуп иара ахатәы ҭоурых. Уи ианымҧшыр залымшеит Аҧсны имҩаҧысхьоу ахҭыс дуқәа зегьы. Ақыҭа иамоуп иара Афырхацәа, аҵарауаа, аҟазацәа. Ақыҭа аҭоурых, иара убас аинтерес зҵоу аҟәшақәа шәзаатуеит асаит иаҭаауа зегьы. Ҳара хықәкыс иҳамоуп ҳҭоурых аиқәырхара.

Бзиала шәаабеит!



Ахҭысқәа



Ҷ.Хьиба ихьӡ зхәу Баслахәтәи абжьаратә школ азыҟаҵаратә класс аҵаҩцәа руада акапиталтә ремонт азуп. 17.01.2012

Ҷ.Хьиба ихьӡ зхәу Баслахәтәи абжьаратә школ азыҟаҵаратә класс аҵаҩцәа руада акапиталтә ремонт азуп.

Абар хышықәса ҵуеит Ҷ.Хьиба ихьӡ зхәу Баслахәтәи абжьаратә школ аҟны иаартуижьҭеи азыҟаҵаратә класс. Аха иахьатәи аамҭанӡа ари акласс аҵаҩцәа рзы ауада ишахәҭоу еиқәыршәаны иҟамызт. Афирма ООО “Абхазрегионстрои” ахантәаҩы Гамлет Бадоиан иҟаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны (100 000 мааҭ), азыҟаҵаратә класс аҵаҩцәа руада акапиталтә ремонт азуп. Ашәқәа, аҧенџьырқәа, адашьма, аҭуан уҳәа зегьы аҿыцқәа рыла иҧсахәуп. Аҧсшьарамшқәа рнаҩыс 6 – ҩык ари акласс аҵаҩцәа ауада ҿыцахь ииасуеит.


Back to the list