Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Баслахә қыҭа ҧшӡоуп, қыҭа беиоуп, адгьыл барақьаҭуп. Ишьҭоуп Аалӡга аҧшаҳәаҿы. Ақыҭа иараионтә центруп ақалақь Очамчыра. Баслахә ақыҭа иамоуп иара ахатәы ҭоурых. Уи ианымҧшыр залымшеит Аҧсны имҩаҧысхьоу ахҭыс дуқәа зегьы. Ақыҭа иамоуп иара Афырхацәа, аҵарауаа, аҟазацәа. Ақыҭа аҭоурых, иара убас аинтерес зҵоу аҟәшақәа шәзаатуеит асаит иаҭаауа зегьы. Ҳара хықәкыс иҳамоуп ҳҭоурых аиқәырхара.

Бзиала шәаабеит!



Ахҭысқәа



10.02.2007

Иқәҳа аамҭа шҧацои...

Аџьынџьтәылатә ебашьра Дуӡӡа ашықәсқәа рзы зыҧсадгьыл ахьчаразы игылаз аҵеицәа иреиуоуп Очамчыра араион Баслахә ақыҭа аҵеицәагьы. Урҭ рхыҧхьаӡараҿ иҟоуп Баслахәтәи абжьаратә школ акыр шықәса инеиҧынкыланы директорс иҟаз, иахьа зыхьӡ ахыу Ҷ.Р.Хьиба, аҧҳәызба Аниа Бобуа-ҧҳа, Шьамил Рекәаа, Геронти Берулаа, Африкан Кобахьиа уҳәа аӡәырҩы, урҭ зегьы рдунеи рыҧсаххьеит. Иахьа Баслахә ақыҭаҿ аибашьра Ду аветеран аӡәы иоуп иҟоу.

1941 шықәса азы х-ҩык иашьцәа еиҳабацәа дрыцны, 17 шықәса ирҭагылаз Шьаликәа Убириа дыргоит аибашьра.

1942 ш. рзы Азеибарџьан арратә ҵара даналга, ддәықәырҵоит Беларусиатәи афронт ахь. Хьаҵрак ҟамҵакәа деибашьуан аҵыхәтәанынӡа, дрылахәын Минск, Харков, Грозныи, Брест уҳәа убас ирацәаны ампыҵахалаҩцәа рыҟнытә ақалақьқәа рхақәиҭтәра. Кенигсберг ақалақь агараан ҕәҕәала дхәын.

Аџьынџьтәылатәи еибашьра дуӡӡан еиҳарак угәалашәараҿы иааиуа иарбан хҭысу ҳәа ҳаниазҵаа, абар еиҭеиҳәаз:

- Қалақьк аҿы ҳахьеибашьуаз , ар рмашьына ду ҳақәтәаны ҳшаауаз, анемец фашистцәа ацҳа ҧыржәан, ҳмашьына ӡааҟәрылеит. Ҳара, иҭатәаз зегьы ҳаиқәхеит. Хыхьынтә адҵа ҳауит амашьына ишакәхалакгьы иҭаҳгарц. Сшаха атанк инаҿаршәны ҳмашьына ҭаҳгеит. Исгәалашәоит , уи ашьҭахь атанк аҩныҵҟа аҧечқа садтәаланы ҩ-мыш сыҽсырҧхон.

Аибашьра аҧхьатәи амшқәа инадыркны х-ҩык иашьцәа рахьтә аӡәы дышҭахаз иаҳауеит. Уи джуп Краснодар ақалақь аҟны, изныкымкәа Шьаликәа иашьа анышә дахьамадоу дцахьеит. Аха гәаҟрас иҟалаз , ибаҩ Аҧсныҟа аагара мариамхеит. Егьырҭ ҩыџьа иашьцәа рхабар иахьагьы иҟам.

Иара ихаҭагьы изныкымкәан аҧсра дацәцахьан.Еилкаау усуп, хә-шықәса дуӡза аибашьра анцоз адунеи амца анакуаз ахыкәалаа ацәцара уадаҩын. Шьаликәа Убириа игәалашәарақәа рҿы иҳәоит, Жуков ақалақь аҿы зқәҩыла ианреихсуаз, зхыҧхьаӡара рацәамкәа аҧсра иацәынхаз дшыруаӡкыз.

1945 ш. азы Шьаликәа Убириа ддәықәҵан дырҩегьых мрагыларахьтәи Беларуссиаҟа, аескадрилиа асҭаршинс. Уахьынтә даныгьежь 1978 шықәсанӡа аус иуан Тҟәарчал ақалақь аҟны.

Ианашьоуп “Ахьӡа Аҧша” аордени амедалқәеи жәпакы.

1992-1993 шықәсқәа рзтәи, Аҧсны аџьынџьтәылатәи аибашьраангьы иқәра хьаас иҟамҵакәа излаилшоз ала, ҳҵеицәа дрывагылан. Аиааира амш аныҳәа аламҭалазы. Шьаликәа Убириа Дрыдныҳәалеит ҳветеранцәа: “ Аҧсни уи анҭыҵ иҟоу Аџьынџьтәылатәи еибашра Ду аветеранцәа ирзеҕьасшьоит агәабзиареи, агәамчи, ажәҩан цқьеи, ари нахыс ирымбааит аибашьра, ирызхазааит ирхыргахьоу агәаҟрақәа, илашахааит ражәымҭа”.

Ари адныҳәалара инамаданы Шьаликәа Убириа изеҕьасшьарц сҭахуп, агәабзиареи аамҭа бзиеи.

Агазеҭ “Аҧсны” № 39-40; 2007ш. Лорена Ҧаҕәаа


Back to the list