Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

Баслахә қыҭа ҧшӡоуп, қыҭа беиоуп, адгьыл барақьаҭуп. Ишьҭоуп Аалӡга аҧшаҳәаҿы. Ақыҭа иараионтә центруп ақалақь Очамчыра. Баслахә ақыҭа иамоуп иара ахатәы ҭоурых. Уи ианымҧшыр залымшеит Аҧсны имҩаҧысхьоу ахҭыс дуқәа зегьы. Ақыҭа иамоуп иара Афырхацәа, аҵарауаа, аҟазацәа. Ақыҭа аҭоурых, иара убас аинтерес зҵоу аҟәшақәа шәзаатуеит асаит иаҭаауа зегьы. Ҳара хықәкыс иҳамоуп ҳҭоурых аиқәырхара.

Бзиала шәаабеит!



Ахҭысқәа



09.07.2010

Уи дҭорыхуп ҳара ҳзы

1921-2011шш... Амшқәа, амзақәа, ашықәсқәа...

Асекундақәа, аминуҭқәа, асааҭқәа...

Ашьаҿақәа...

Арҭ зегьы хыхь иарбоу ашықәсқәа инаргәылагаланы, ишәаны-изаны ишьақәдыргылоит 90ш. Иҟалап 90ш. даара ирацәазаргьы, аха уи аамҭазгьы имаҷзар. Имаҷуп уи аҧсуа хаҵа иқәра наӡа азы, аха имаҷым дызнысыз амҩа, зегьы бҕьыц-бҕьыц еихуршәшәо уҿааухар. Усҟан ауаҩы дызнысыз амҩа егьа икьаҿзаргьы ишьҭа шанылаз ауп ҳзыцклаҧшуа. Уи амҩа цқьазар, уахымҟьозар – ианысыз ажәлар ражәеи рашәеи даҧсоуп.

Ааи, убри азы акәхап жәашықәса уажәаҧхьа Ҷ.Р.Хьиба 80ш. ихыҵра аназгәаҳҭоз, Очамычра араион аҵара аҟәша аиҳабы Гуниа Алеқсандр Сҭеҧан-иҧа иажәа дзалагаз Б.Шьынқәба ицәаҳәақәа рыла:

Насыҧ имоуп ажәлар лыҧха зырҭаз,

Даҧсоупҳәагьы рхаҵашәа иаҧсахаз.

Жәлар рыбзиабара ҟьалан иааӡом,

Иалнахыз далнахит – иаҧсам дабаӡом.

Ихаҭагьы насыҧ иманы ихы иҧхьаӡон ари ауаҩ.

“Уара насыҧ ду змоу аӡә уоуп , ҳәа сарҳәалоит зны-зынла сыҩызцәа” – иҩуеит Ҷ.Р.Хьиба иавтобиографиаҿы. Уи зхырҳәаауа, диит иара Аҧсны Асовет мчра аиааира анагаз 1921 ш. раҧхьаӡатәи ажәлар рымыш ныҳәа иацааиуаз маи 2 рзы.

“Наӡаӡатәи ааҧынра хазына дациит иаргьы. Закәтә ссирузеи! Закәтә еиҿыҧшра бзиоузеи! Закәтә символузеи! Ииз наӡаӡатәи ааҧынра даанагеит ауаҩ ҿыц, иара уи ааҧынреиҧш аус иуларц, адгьыл ахаҿы иҧсахларц, иареиҧш аџьабаа ибаларц, иареиҧш ауаа рыҧсҭазаара еиҭеикларц, иареиҧш иҩычаларц” – иҩуеит Платон Бебиа.

Ус иагьышьақәгылоит иҧсҭазаара. Ихы-иҧсы зегьы рзикуеит ижәлар, иҧсадгьыл, иқыҭа гәакьа, еиҳарак азеиҧш ус – аҿар рааӡара.

Сыхшара ҵарак рҵондаз, рыжәлар акы ирыхәартә иҟалондаз ҳәа дхәыцуан раб. Усҟан қьабзла ишаҧыз еиҧш аишьцәа реиҳабы аҩны даанижьит иара иаамышьҭахь ныҳәаҩык иаҳасабала. Егьырҭ аишьцәа аҵара иазикит.

Ахақәиҭра иашьцылаз, иахьагьы-уахагьы ахәыҷра адунеи иалаз Ҷыҷыкәа хәыҷы иааицәымыҕхеит ашкол аӡбахә аниаҳа. 1929 ш. рзы иан инапы данкны дылгеит ашкол ахь. Уа иахьнеиз мап ацәикит ашкол ашҭа аҭалара, аха даархыџьхыџьны дҭалгалеит. (Ашкол ицәымҕын, избанзар иаҳахьан уа ирыҧҟоит, шьамханынӡа аҧш, аџьыка иладыргылоит ҳәа.) Аха ус иҟамлеит. Уа инарҧылаз ахаҵа ихы аашьҭыхны наҟ днаидҵит. Ус аҵәҵәа иасит. Зегьы ныҩныргалт уададук, ашәҟәы ианырҵеит. Араҟа хәыҷгьы- дугьы еилатәан. Аха еицырдыруаз арҵаҩы, аҧсуа револиуционер Елызбар Кобахьиа илшон урҭ рмаршәа кны инапахьы раагара.

Имаҷын ацәамаҭәа, арҵага маҭәахәқәа, аха Ҷыҷыкәа иан изылӡахит лнапала ииҭахыз зегьы, хазҷыдала ишәҟәҭра изадылӡахылеит амеланҭра. Бжеиҳан уи дыҩуан чамҧазиала.

Ҷыҷыкәа иаб Расҭа имаҵурҭа ду аҿакаҿы иахьагьы уахагьы дуасҭон, убри ала иҭаацәа ныҟәигон. Агәылацәа еизаны ҵхагәанынӡа ажәабжь рҳәон, иччон, ихәмаруан, иара кәындхәк аҿы иан изыҟалҵаз акәаҷаб иаҧхьа иқәыргыланы иҵатәхәқәа иҽырзыҟаиҵон. Аҩбатәи акласс аҿы рҵаҩыс диоуит Берулаа Кирил Павел-иҧа. “Аиашазы, уи дырҵаҩын, дааӡаҩын, инапы иҵыҵыз насыҧла дымҩасуан”, - игәалаиршәоит Ҷыҷыкәа Расҭа – иҧа. Уи аколлеграфиа бзиаӡа иман, иҵаҩцәагьы убасҵәҟьа иҟазар акәын. Аҧхьара аурокқәа уамашәа ашьахәны имҩаҧигон, иметод аҵаҩцәа ирацәаҩӡаны рхы иадырхәон.

Баслахәтәи аиҵабыратә школ даналга диаргеит Очамчыратәи аҧсуа школ ахь. Аурыс бызшәазы имаџьаныз Ҷыҷыкәа изы ицәгьахеит араҟа аҵара, аха дмаашьакәа иҽазыҟаиҵон, иаарласныгьы ақәҿиара бзиақәа ааирҧшуеит. 1936 ш. очамчыра бжь-класск дрылгеит. Араҟа аҧышәарақәа анырҭииуаз Аҟәантәи иааны ирыларҳәеит арҵаҩцәа ртехникум ахь изҭаху ҳадаҳкылоит ҳәа. Арҵаҩра амҩа санылеот ҳәа згәы иҭазкхьаз уи, илиршеит дҭалартә. Араҟагьы иқәҿиеит ари ауаҩ, избанзар имҩа аадыртит еицырдыруа арҵаҩцәа – Симон Басариа, Александр Дудко. Теориалеи практикалеи аҧышәа ду змаз арҵаҩцәа рнапаҵаҟа аҟазаара акыр аҵанакуан Ҷ.Р. Хьиба иза. Ихатә ҧҟараққәа шьақәыргыланы, ахатәы бызшәа абзиабара, агәыбылра. Агәцаракра рылаиааӡон арҵаҩ ду Платон Шьаҟрыл.

Абас арҵабцәа рынасыҧ змаз Ҷ.Р. Хьиба ианигӡон иҵара. Иааит атехникум алгара аамҭа.

1941 шықәса Расҭа иҭаацәаразы иналукааша шықәсын. Хҩык иҷкәынцәа аҵара еицалгон. Аиҳабы Баграт – Москватәи аихамҩатә институт, агәбжьанытә Иван - Краснодартәи амедицинатә институт, аиҵабы Ҷыҷыкәа - Аҟәатәи арҵаҩратә техникум. Аха ргәырҕьара нагӡахартә изыҟамлеит. Уи ҿахнаҵәеит ажәабжь хлымӡаах – аибашьра шалагаз атәы.

Аибашьра хәымга... Иахьагьы анацәа агәашәқәахь ирҧшны измоу... Аҧсадгьыл абзиабара ҕәҕәала излаҩыз аишьцәа ахҩыкгьы рырзаҳалқәа кны Аҟәатәи арратә комисариат аҿы инеит. Мышкгьы иахмырҧакәа ицеит еибашьра. Ҷ.Р.Хьиба дақәшәеит Қарҭтәи аршьаҟатә училишье .

1942 ш. аҕа Кавказтәи ашьхақәа дырхысны Аҧсынтәыла дазааигәахо далагеит. Ҷыҷыкәа дызлаз архәҭа иаиуеит адҵа Санчара араион аҿы аҕа иҿагылара, иҭыҩрақәа рҿы иҭаҧыххаара. Иуалҧшьа шынаигӡоз, октиабр мзазы ҕәҕәала дырхәит. Дышьҭан Қарҭтәи агоспиталь аҿы, ҧсыхәа имоуит ишьапы хырымҵәар. Убри иахырҟьаны 1943 ш. аҩныҟа дхынҳәуеит. Дзыргәамҵуаз ихәра бааҧсы хьаас имкыкәа иаразнак ашкол аҿы аусура далагеит. Ара ацхыраара ииҭон ирҵаҩы Берулаа Кирил Павел-иҧа.

Раҧхьаӡа рҵаҩыс аиҵабыратәи аклассқәа рҿы далагеит. Нас, 1946 ш. аҵара –ааӡара аҟәша аиҳабыс, 1954 ш. ари ашкол адиректорс. Абри ашықәсан далгеит Аҟәатәи арҵаҩратә институт аламырбатә ҟәша аурыс бызшәеи алитературеи рфакультет. Убри инаркны 2002 шықәсанӡа иааиҧмырҟьаӡакәа аҿар рааӡара даҿын. Ҳәарада. Иуадаҩуп уи ирҵаҩратә ҧышәа иааинырсланы ахцәажәара. Уи атәы иарҭбааны ирдыруеит араион анҭыҵгьы. Аџьабаа адибалахьеит анапылаҩыратә журнал “Ахатәы бызшәа абзиабара ахәыҷқәа рылааӡаразы методикатә зҵаарақәак”, ҳәа хыс измоу. Иара убас, “Апоетцәеи , ашәҟәҩҩцәеи, аҵаҩцәеи реимадара ахатәы бызшәа агәыблра дыркразы” – зыхьӡу. Уи дырҵабыргуеит ари ашкол аҿы иаҧҵоу ашәҟәҩҩцәа рпарки, урҭи аҵаҩцәеи реимадара иазку асалам шәҟәқәеи альбомқәеи. Иҩхьеит ақыҭа Баслахә иазку аҭоурых, аибашьцәа зегьы рбиографиақәа уб.иҵ.

Ҷ.Р.Хьиба хара дыҧшуан , уи ихәыҷӡоугьыигәы нирхомызт. Аҧсны аҧсуааи рзы итәыммыз асасдкылара ицәтәыммызт иаргьы. 1954 ш. раахыс ари ашкол аҿы аҧсуа сектор инаваргыланы аус уан ақырҭуа секторгьы. Ахаангьы зхыыиамеигӡоз , ак мап ацәызымкуаз Ҷыҷыкәа расҭа – иҧа игәы аартны дырзыҟан урҭ. Аҧсуа рҵаҩцәеи аҵаҩцәеи реиҧш ашкол азеиҧш усқәа ирылархәны иман.

Аха урҭ ҩнуҵҟала рыҕрара цәырымҵыр алымшеит 1989 ш. Иҟам-ианым еиқәырҽаҽо,маӡала амитингқәа мҩаҧго,иааузымырчҳартә аҟынӡа рхы наргеит.анаҩсан аҧуа диреқторс дахьамоу,иараубасақырҭшәа ззымдыруа аҵара-ааӡара аҟәша аиҳабы делба Алла Николаи-иҧҳа аус ахьыруа ашкол аҿы ҳхәыҷқәа аҵара дҳарҵом ҳәа ацтәы ҟаҵаны ашкол иадҵит. Ҷыҷыкәа расҭа-иҧа араҟагьы иныҧшит аҳачҳара ҕәҕәа. Еиҿыҵуа ҩ-еишьцәак реиҧш рыхәҭаа нарыҭаны рымҩа иқәиҵеит. Алацәгьа аҭыҧ аиуам ҳәа шырҳәо еиҧш игьежьуа ишықәыз “Ахыш” днарыхьӡан зынӡа иаақәигеит.

Ари ахҭыс Ҷ.Р. Хьиба иҧсҭазаараҿы аҩбатәи етапны ауп ҳәа азыуҳәар ауеит. Ахҧатәи аетап, ари аӡгьы ҳаззыҧшӡамыз Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ауп. Аибашьра ианалага аҽны иара Очамчыра аизарахь дыҟан. Ус ирыларҳәеит шәыҩныҟақәа рахь шәца ҳәа. Еилкаахеит иҟалаз. Машьынала дшааиуаз амҩаеихадаҿ дааныркылт. Дыҧшны ибеит абираҟ шкәакәа кны автобус аазна хәыҷи-дуи шцоз, урҭ ирышьҭагылан атанкқәа. Ара рацәак днымкылакәа дрышьҭит аҩныҟа. Мчыбжьык мҵыкәа ақырҭцәа Баслахә ақыҭа иалалеит. Рҧыза – Патын Пата зарҳәоз идҵала аҩнқәа ирыҩналон, ирҧыхьашәоз зегьы ргон, аҳәсақәеи абыргцәеи дыршәон, аӡыҟқәа абџьар рықәыркуан ранацәа ахьымаҭәа цәырыргаанӡа. Август анҵәамҭаз Ҷ.Расҭа-иҧа даҽа гәыҧҩык ицны иашҭаҿ иштәаз Пата - Патын агәашә даадгылт. Аҷкәынцәа наҟ инабнаҵан иара днеиҧылт. Алаба зукузеи ҳәа дҵааит. Уи акәхеит, ҳаҷкәынцәа иааизгьы неидкыланы иргеит. Араҟа уаҳа нхашьа амамызт. Ҷ.Расҭа –иҧа егьырҭ игәылацәа реиҧш дцеит Тҟәарчалҟа. Аха игәы рҭынчны уа дтәомызт, хьаас иман аибашьцәа, ашкол. Дук мырҵыкәа аштабахь ашәҟәы иҩитсшәыдышәкыл ҳәа. Аха ҳаибашьцәа мап ицәыркит, ирҭахымызт иџьабаааџьабаа ацырҵар.

Имлашьуа ақыҭа иалалаз ақырҭуа фашистцәаҭалеит ашкол ашҭа. Урҭ ашәҟәҩҩцәа рпарк илажәлан аҩырақәа зегьы ҧхасҭартәит, иреихсит Карло Калаӡеи Нодар Думбаӡе риҭаҳамҭақәа рыда зегьы. Аигәаа-сигәа зҽыҵәахны иҟаз анхацәа ираҳауан урҭ аҧсуа интеллигенциа ҳрылгеит ҳәа игәырҕьаҵәа иҭыҵны ишцоз.

Аиҧҟьарак шааҟалалакь еиҧш Ҷ.расҭа – иҧа ақыҭахь даауан, иҩуан ҳаибашьцәа знысуаз амҩа, урҭ ркьыҧхьуан агазеҭ 2Аҧсны ҟаҧшь” адаҟьақәа рҿы, иара убас аҧсуа радиола ирышьҭуан. Ҳашәҟәҩҩцәа изырҩуаз ашәҟәқәа рҿы иҳәон ашкол архив аиқәырхараз, аха уи аҕа хәымга инапы ҟьашьқәа ахьысхьан.

Ахы цаҳәцаҳә иабылуан абиҧазаҵәқәа, ашәы ршәырҵон анацәа, алашьцара рхатәон аҩнқәа. Аха егьа ус иҟазаргьы рхы мшаҭо еибашьуан Баслахәаа рҵеицәа. Даҽакалагьы ҟалашьа амамызт. Еиуеиҧшым амыҟәмабарақәа ирыӡрыжәхьаз, апатриотизмреи агәымшәареи зҿар ирылазааӡахьаз Расҭа-иҧа идоуҳамч урҭ ирызҭанаҵон агәамч, иарҕәҕәон ргәашьамх.

Иааигәахон аиааира амшгьы. Ақырҭуа фашистцәа сентиабр 29, 1993 ш. ақыҭа Баслахә аҟазаареи аҟамзаареи рҳәаа иҭадыргылеит. Аҵыхәтәантәи рџьаҧҳаны зегьы иара иақәырхарџьит уҳәарын, аха аҧсы рызҭымхит.

Аиааира амш Ҷыҷыкәа Расҭа-иҧа даҧылеит ара, иқыҭа гәакьаҿ. Уи аибашьцәа днарыдныҳәаланы, иаразнак ашкол ашҭахь днеихеит. Уа уаҩ дзыргәырҕьашаз акгьы ыҟамызт. Аха уи гәҭыхас измаз арҵаҩцәеи, аҭаацәеи ақыҭа аиҳабыреи неицхырааны ирылдыршеит октиабр 28, 1993 ш. аҵаҩцәа ашкол ахь иаартә аҭагылазаашьа аҧҵара. Урҭ амшқәа инадыркны рус хьанҭа иаҵагыланы, рнапы еикәыршаны аус руан аколлеқтиви иареи.

Ҷ.Р.Хьиба иҟазшьа аҷыдара хырҵабыргуа акоуп уи зныкгьы сыҷкәын заҵәы дабаҟоу, дабеибашьуеи ҳәа дахьазымҵаауаз. Уи деибашьуан Ешыра. Абџьар ркын иара убас, зықәра наӡамыз имаҭацәа Зурики Рамини. Урҭ дрывагылан иҭаца Џьулетта Аҭумаа-ҧҳа.

Абасала, аибашьра ашьҭахьгьы акыр шықәса ашкол ахадара аиҭон, аха ашықәсқәа рхы идырдыруа иалагеит, еиҭах рхы цәырыргеит ихәрақәа. Усҟан аус аӡбашьа дақәымшәо, длакҩакуа даанымхеит.Ашкол ахадара аҿарацәа рнапы ианҵаны иара Аҧсуара аурокқәа аҵаҩцәа рызнагара далагеит. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны ихатә программа шьақәиргылеит. Атемақәа доусу рықәра иақәшәо еилыхны, еиҿыбааны ирызнеигон. Уа ихы иаирхәон еиҳарак М. Лакрба иновеллақәа, агазеҭқәеи ажурнал “Алашареи” ирнылоз еиуеиҧшым астатиақәеи, аҧҵамҭақәеи. Иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәагьы икалам иқьаади рыгәҭакы рҳәон.

Ааи, ауаҩы мышкы дииуеит, мышкы дыҧсуеит. Аха аиреи аҧсреи рыбжьара иҟоуп ҳәаак – адгьыл ашьҭа анҵара.

Ҷ.Р.Хьиба ишьҭақәа мрак злаҧханы иқәнарбаз аӡаӡа рыцқәа иреуам. Урҭ адгьыл иануп ажәҩан ианубаалартә, рхыларагьы рхыҵрагьы мариамкәа; урҭ адунеи дук аадыртуеит, рҿиамҭа дук дырҿиоит, аҧсҭазаараҿ ииашоу мҩак ахь ҳхьаурҧшуеит. Уи ибжьы ҿацаӡа ықәҩлоит ари ашҭа, илабҷашь ашьҭыбжь рныҩлоит ҳашкол аҭӡамҵқәа, и-Аҧсуара бжьы рдәылыҩлоит ҳакласс уадақәа. Иара илихыз амҩахәасҭа ҳагоит, ҳаанагоит ари ахыбра аҵаҟа зажәеи зуси еимаздо аӡәырҩы.

Ҷыҷыкәа Расҭа-иҧа, шәара шәтоурыхуп ҳара ҳзы!

Ҷыҷыкәа Расҭа-иҧа 90 шықәса ихыҵра иазкыз аиубилеитә ныҳәаҿ, иара ихьӡ зху Баслахәтәи абжьаратә школ адиректор Асида Ҧачлиа-ҧҳа лықәгылара аҟынтә...


Back to the list