Ахҭысқәа

18.06.2011

Ахеидкылақәа рӡыргара

Рашәарамза 18 рзы, Очамчыра ақалақь аҟны имҩаҧысит Очамыреи Гали рраионқәа рхеидкылақәа рӡыргара. Арҭ араионқәа рҿы инхо аҳәса рхеилак иалоу, насгьы аинциативтә ҳәсақәа агәаҳәара аадырҧшит аибадыррак аҳасабала, рқыҭақәеи рықалақьқәеи рҭоурыхи, аҭыҧ ҧшӡарақәеи, инарылыукааша ауааи ирылацәажәарц.

Араҟа иӡырган ақалақьқәа Очамчыреи Гали, ақыҭақәа Баслахәи Ҷубурхьинџьи.

Очамчыратәи арҿиаратә аҩны аҭӡамҵқәа рҿы икыдыз иблахкыгаз афотосахьақәеи, аҭоурыхтә альбомқәеи еиҭарҳәон араионқәа рҭоурых. Аҿар ракәзар, ирыҧхьеит ажәеинраалақәа, ирҳәеит ашәақәа, икәашеит.

Баслахәаа еиҭарҳәеит рқыҭа ахьыӡ ахьынтәиаауа алегенда, иара убас ақыҭа афырхацәеи инарылыукааша аҵарауааи ирыхцәажәеит. Очамчыраа ракәзар, иахыҽхәо рықьалақь адунеи иақалақьны ирыҧхьаӡоит. Галааи Ҷубырхьынџьааи ижәытәӡатәу аҭоурыхтә фактқәа ирылацәажәон. Дара иазгәарҭон, ари аӡыргара амҩаҧгаразы ранҽазыҟарҵоз иҿыцны ираҳаз афактқәа аҭыҧ шрымаз.

Иҳәатәуп, ари аӡыргара амҩаҧгара аидеиа шаауа Аҧснытәи аҳәса рхеилак (АЖА) ахаҭарнакцәа имҩаҧыргоз атренингқәа руак аҟнтәи.

Аӡыргара иалахәыз ирҳәон аиҧылара акыр аинтерес шаҵаз, насгьы ари аиҧылара аҵыхәтәантәи шакәум.


Back to the list