Ахҭысқәа

28.12.2011

Ашықәс Ҿыц

Декабр 28 рзы, Ҷ. Р. Хьиба ихьӡ зху Баслахәтәи абжьаратә школ аҟны имҩаҧган ашықәс ҿыц иазкыз аныҳәа.

Аныҳәа аалыртит ашкол адиректор Асида Ҧачлиа-ҧҳа. Лара еизаз ирыдлныҳәалеит иааиуа Ашықәс ҿыц. Ирзеҕьалшьеит аманшәалареи аамҭа бзиеи.

Анаҩыс, арахь иааҧхьаз аҭаацәеи арҵаҩцәеи идырбан ашколхәыҷқәа рымчала еиҿкааз ақәгылара. Ахәҷқәа ирыҧхьеит Ашықәс ҿыц иазкыз ажәеинраалақәа, ирҳәеит ашәақәа. Иара убас, раҧхьаӡакәны аҽны асцена иқәгылеит ашкол аҟны иаарту акәашаратә кружок иалоу ахәыҷқәа. Аныҳәа иалахәыз Аҵаа Бабадуи Асҭыҧҳаи ахәыҷқәа аҳамҭақәа рзыршеит.

Ҿаанбзиала!


Back to the list