Ахҭысқәа

             Ҷ. Хьиба ихьӡ зху Баслахәтәи абжьаратә школ афымцарҧхага ҿыцқәа рыла еиқәыршәоуп 17.01.2012

Ҷ. Хьиба ихьӡ зху Баслахәтәи абжьаратә школ афымцарҧхага ҿыцқәа рыла еиқәыршәоуп

Ҷ. Хьиба ихьӡ зху Баслахәтәи абжьаратә школ афымцарҧхага ҿыцқәа рыла еиқәыршәоуп. 12 афымцарҧхага ҿықәа ҳамҭас ашкол иазыҟаиҵеит Ҭырқәтәылантәи иааны иҟоу ҳџьынџьуаҩ Зафер Ванача.

Ааигәа ақыҭа ахадара абзоурала ашкол азы иааган афымцаеиқәыршәага ҿыц, иҧсахын афымцамҩангага. Уажәшьҭа амҿтәы арҧхагақәа ҧсаххоит афымцарҧхагақәа рыла.

Иазгәаҭатәуп, Зафер Ванача Баслаху ақыҭа изныкымкәа дшацхраахьоу. Иара иоуп афинанстә цхыраара ҟазҵаз Баслахә ақыҭа аофициалтә саит аҧҵараҿы.


Back to the list