Ахҭысқәа

Хҩык Баслахәаа Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатрахь ркандидатура ықәдыргылеит
Хҩык Баслахәаа Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатрахь ркандидатура ықәдыргылеит.
Алхырҭатә ҭыҧ хада №25 аҟны аинициативтә гәыҧ Иури Зыхәба икандидатура ықәнаргылеит. Иури Зыхәба Жәлар Реизара адепутатс дыҟоуп.
Алхырҭатә ҭыҧ хада №34 аҟны аполитикатә партиа “Аҧсны Жәлар ракзаара афорум” иқәнаргылеит Сегеи Берулаа икандидатура. Сергеи Берулаа ақыҭа аизара адепутатс дыҟоуп.
Аполитикатә партиа “Иакәу Аҧсны” алхырҭатә ҭыҧ хада №33 аҟны иқәнаргылеит Ахра Кәакәасқьыр икандидатура. Ахра Кәакәасқьыр Гал араионтә Еизара адепутатс дыҟоуп, Галтәи аҩбатәи абжьартә школ адиректорс дамоуп.
Баслахә ақыҭа ахада Коба Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, алхырҭатә ҭыҧ хада №25 - актәи аучасток алхрақәа иазыхьиоуп. Иаҧҵоуп акомиссиа. Уи шьақәгылоуп 7- ҩык, еиҳарак аҿар рыла. Акомиссиа ахантәаҩыс дамоуп Алина Аҧшьлаа-ҧҳа.
“Ҳара ҳқыҭа ауааҧсыра, алхрақәа раан еснагь активла рхы аадырҧшуеит. Агәра ганы сыҟоуп, уажәгьы ус ишыҟало ала. Акандидатцәа ирзеҕьасшьоит ақәҽиарақәа”, - иҳәеит Коба Чыҭанаа.