Ахҭысқәа

02.03.2012

Аҧсны Аҳәынҭқарра ажурналистцәа Реидгыла 2011 шықәса рзы ирыларҳәаз арҿиратә конкурс “Ақыҭа иацы, иахьа, уаҵәы” аихшьаалақәа ҟарҵеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра ажурналистцәа Реидгыла 2011 шықәса рзы ирыларҳәаз арҿиратә конкурс “Ақыҭа иацы, иахьа, уаҵәы” аихшьаалақәа ҟарҵеит. Аконкурс аҟны ицәырган агазеҭ “Аҧсны”, “Республика Абхазия”, ажурнал “Алашара” ианылаз, насгьы аҧсуа ателерадиоеилахәыра аҟны иарбаз ажурналистцәа рынҵамҭақәа.

Аханатә аконкурс амҩаҧгаразы еилацәажәахьан ажурналистцәа Реидгылеи ақыҭанхамҩа аминистрреи. Аха идырым амзызқәа ирыхҟьаны ақыҭанхамҩа аминистрра аҵыхәтәан акункурс адгылара мап ацәыркит.

Аусумҭақәа ахьырацәамыз иахҟьаны аӡбаҩцәа ирыӡбеит актәи аҭыҧ аӡәгьы иранарымшьарц азы. Аҩбатәи еиҩыршеит ателерадиоеилахәыра аусзуҩцәа Амра Аџьынџьали Аслан Кәакәасқьыри ателерепортаж “Аҧсуа ҟаза” азы, иара убас ажурналист қәыҧш Лорена Ҧаҕәааи, агазеҭ “Аҧсны” ианылаз “Сқыҭа ахәышҭаара ду” (ақ. Баслахә) зыхьӡыз лыстатиа азы.

Ахҧатәи аҳамҭа иаҧсахеит агазеҭ “Аҧсны” ианылаз рыстатиақәа рзы Наира Сабекиеи Владимир Басариеи, иара убас агазеҭ “Республика Абхазия” ианылаз лусумҭа азы Русудан Барганџьиа. Аиааира згаз иранашьан агәрахарҵагақәа зцыз аҳамҭақәа. Урҭ дрыдныҳәалеит Аҧсны Аҳәынҭқарра ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Владимир Қапба, ирзеҕьаишьеит ақәҿиарақәа.


Back to the list