Ахҭысқәа

Алхратә ҭыҧ хада №25 аҟны Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхрақәа еиҭамҩаҧгахоит 11.03.2012

Алхратә ҭыҧ хада №25 аҟны Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхрақәа еиҭамҩаҧгахоит

Март 10 рзы имҩаҧысыз Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхрақәа раан Баслахәтәи алхратә ҭыҧ хада №25 аҟны акандидатцәа алхыҩцәа рыбжьқәа ахьырзымхаз иахҟьаны алхрақәа еиҭамҩаҧгахоит. Аҩынтәраан алхрақәа рахь инеиуеит ҩыџьа, алхыҩцәа рыбжьы еиҳа зоуз акандидатцәа. Урҭ Даур Џьумка-иҧа Аршбеи (35%) Иури Заур-иҧа Зыхәбеи (34%) роуп.

Ишәгәалаҳаршәоит Баслахәтәи алхратә ҭыҧ хада №25 аҟны ркандидатура шықәгылаз хҩык: Д. Аршба, З. Зарандиа, И. Зыхәба. И. Зыхәба икандидатура ықәнаргылеит аинциативтә гәыҧ, Д. Аршба апартиа “Аҧсны Жәлар Ракзаара Афорум”, З. Зарандиа апартиа "Иакәу Аҧсны".

Зынӡа ари алхратә ҭыҧ хада аҟны 2175 – ҩык алхыҩцәа рхы аладырхәит.

Аҩбатәи атур мҩаҧгахоит март 24 рзы.


Back to the list