Ахҭысқәа

Иури  Зыхәба далхыуп Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатс 27.03.2012

Иури Зыхәба далхыуп Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатс

Март 24 рзы имҩаҧысыз Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхразы аҩынтәраантәи абжьаҭараан Баслахәтәи алхратә ҭыҧ хада №25 аҟны адепутатс далхын Иури Зыхәба.

Иури Заур-иҧа Зыхәба диит жәабран 20, 1979 ш. Аҟәа ақалақь аҟны.

1997 ш. далгеит Тҟәарчалтәи абжьаратә школ №4.

2002 ш. далгеит ақалақь Шәача иҟоу Амшынеиқәатәи Агуманитартә Академиа “азиндырра” азанааҭ ала.

2002-2007 ш. Гал араион Ахадараҿы азиндырратә консультантс аус иуан.

2004-2007ш. ақыҭа Баслахә аҟнытә Очамчыратәи араионтә Еизара адепутатс дыҟан.

2007ш. раахыс Аҧсны Жәлар Реизара адепутатс дыҟан.

Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара драбуп.


Back to the list