Ахҭысқәа

01.08.2012

Баслахә ақыҭа иалсуа амҩа хада акапиталтә ремонт азуп

Баслахә ақыҭа иалсуа амҩа хада акапиталтә ремонт азуп. Амҩа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цон ҩ-мчыбжь инарзынаҧшуа. Уи аамҭа иалагӡаны амҩаргыларатә усбарҭа (ДРСУ 3) аусзуҩцәа иқәдырҭәеит 5-километрак инарзынаҧшуа 4-километраки бжаки аҭбаара змоу (14 нызықь ҧшьыркца) ақаҭрантә мҩа.

Иазгәаҭатәуп, ари амҩа раҧхьаӡакәны акаҭран шықәырҭәаз 70-тәи ашықәсқәа рзы. Уи аахыс акапиталтә ремонт азумызт. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан (1992-1993ш.) Баслахәтәи амҩа хада ааха ҕәҕәа аиуит, ҕәҕәала иҧҽит. Аибашьра ашьҭахь иахьа уажәраанӡа машьынала амҩа анысра уадаҩын. Ақыҭа ауааҧсыра рзы амҩақәа рыҟаҵара азҵаара акәын зегь раасҭа ргәы иҵхоз. Изныкымкәан атәыла аиҳабырахь аҳәара ҟарҵахьан ирыцхраарц азы. Атәыла Ахада Александр Анқкәаб ибзоурала уи аӡбара алыршахеит. Баслахәтәи амҩа аҟаҵаразы иазоужьын 8 млн. мааҭ.

Ақыҭа ауааҧсыра атәыла Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәоит дахырхаҵгылаз азы.


Back to the list