Берулаа  Иура (Гиа) Оҭар-иҧа

Берулаа Иура (Гиа) Оҭар-иҧа

(27.06.1974 - 06.06.1993)

Берулаа Иура Оҭар-иҧа диит 1974 шықәса рашәара 27 рзы, Очамчыра араион Баслахә ақыҭан. Аҵара иҵон Баслахәтәи абжьаратә школ аҿы, ашьҭахь дҭалоит Тҟәарчалтәи азанааҭ-ҵариоурҭатә училишье. Убри аамҭазы иҧхьоит аррамаҵурахьы. Арра дшыҟаз ихьӡоит аибашьра. Иура деибашьҩы-ҧшыхәҩын, далан Баслахәтәи абатальон. Дҭахоит рашәарамза 6, 1993 ш.рзы. Иура дҭаацәаран, данҭаха анаҩсан дииуеит ихьӡ зыхьӡыртәыз иҵеи. Иура Берулаа ианашьоуп “Агәымшәараз” амедал.

Back to the list