Хәтуш-оглы Ҭамаз Михаил-иҧа

Хәтуш-оглы Ҭамаз Михаил-иҧа

(24.05.1961 - 26.03.1993)

Хәтуш-оглы Ҭамаз Михаил-иҧа диит 1961 шықәса лаҵарамза 24 рзы. Иара далгоит Баслахәтәи абжьаратә школ, уи ашьҭахь, хьӡыла-ҧшала дахысуеит аррамаҵура. Арра даналга аусура далагоит иқыҭа гәакьаҿ. Дҭаацәаран, иман хҩык ахшара. Аибашьра ианалага деибашьуан Баслахәтәи аҧшыхәратә отриад аҟны. Ҭамаз инапы алакын артҟәацгатә шьақәгыларақәа реиқәыршәара, иара убас адиверсиатә усура. Ақыҭан имҩаҧысуаз аибашьратә қәыларақәа зегьы дрылахәын. 1992 шықәса, хәажәкыра 26 рзы абатальон иаахаз аснариад иахҟьаны Ҭамаз дҭахоит. Ианашьоуп “Аҽалкааразы” амедал.

Back to the list