Ҭурқьиа Геннади Владимир-иҧа

Ҭурқьиа Геннади Владимир-иҧа

(13.04.1966 - 27.05.1993)

Ҭурқиа Геннади Владимир-иҧа диит 1966 шықәсазы Очамчыра араион Баслахә ақыҭан. Иқыҭаҿ абжьаратә школ даналга иҧхьоит аррамаҵурахьы. Уи ашьҭахь акыраамҭа аус иуан Саратов ақалақь аихамҩаҟны. Аибашьра алагара рацәак шыбжьамыз дхынҳәуеит Аҧсныҟа. Аҭаацәара алалара дахьымӡакәа ихьӡоит аибашьра . Геннади гәымшәарала деибашьуан Баслахәтәи абатальонаҿ. Иара деибашьҩы-ҧшхәҩын. Дҭахоит рашәарамза 6, 1993 шықәсазы. Ианашьоуп “Аҧсны Афырхаҵа” ҳәа амедал.

Back to the list