Чирикба Геннади (Гена) Григори-иҧа

Чирикба Геннади (Гена) Григори-иҧа

(18.10.1964 - 14.09.2004)

Чирикба Геннади (Гена) Григори-иҧа диит 1964 шықәса абҵара 18 рзы. Тҟәарчалтәи аҧшьбатәи ашкол даналга ашьҭахь, дҭалоит Аҟәатәи атехникум. Уи ашьҭахь иара иҧхьоит аррамаҵура ақ. Смоленск. Уи ашьҭахь дхынҳәуеит Аҧсныҟа. 1989 ш. рзы Аҧсны иҟалаз аҭоурыхтә хҭысқәа раан ахәрақәа иоуит. 1992 ш. Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьраан иҩызцәа дрывагыланы деибашьуан. Аибашьра ашҭахь акыр шықәса аус иуан Гал, аҧсуа-қырҭуа ҳәааҿ. 2004 ш. цәыббра 14 рзы иҧсҭазаара далҵуеит. Гена дҭаацәаран, хҩык ахшара драбын.

Back to the list