Аҧшьлаа Резо Мамант-иҧа

Аҧшьлаа Резо Мамант-иҧа

(30.04.1963 - 01.12.1999)
Аҧшьлаа Резо Мамант-иҧа диит 1963 шықәса мшаҧы 30 рзы, Очамчыра араион Баслахә ақыҭан. Абжьаратә школ даналга ашьҭахь, аррамаҵура дахысуан Волгоград ақалақь аҿы, дтанкистн. Аибашьра зегьы иҩызцәа дрывагыланы деибашьуан. Уаҟа иоуз ахәра иахырҟьаны , 1999 ш. ҧхынҷкәын 1 азы иҧсҭазаара далҵуеит. Резо дҭаацәаран, ҩыџьа ахшара иҭынхеит.

Back to the list