Дохнаӡе Емзар (Монгол) Шьоҭа-иҧа

Дохнаӡе Емзар (Монгол) Шьоҭа-иҧа

(08.06.1964 - 14.07.2008)

Дохнаӡе Емзар (Монгол) Шьоҭа-иҧа диит 1964 шықәса, рашәара 6 рзы. Абжьаратә школ даналга ашьҭахь, иара дцоит Саратовҟа. Аҧсны аибашьра алагеит ҳәа аниаҳа , мышкы уаҟа днымхет. Дахьааиз далалоит Баслахәтәи абатальон. Уи гәымшәарыла ихы ааирҧшуеит, аиаара амш аҟынӡа хамеигӡарыла дахьеибашьуаз. 2008 шықәса , аибашьраан иоуз ахәра изцәырнагаз ачымазара бааҧсы иахыҟьаны иҧсҭазаара далҵуеит. Ианашьоуп “Агәымшәараз” амедал.

Back to the list