Ҭаҟашьыл Мераб Бочиа-иҧа

Ҭаҟашьыл Мераб Бочиа-иҧа

(29.11.1965 - 26.05.1998)

Ҭаҟашьыл Мераб Бочиа-иҧа диит 1965 шықәса абҵара 29 рзы, Очамчыра араион Баслахә ақыҭан. Иқыҭантәи абжьаратә школ даналга ашьҭахь Мераб дахысуеит аррамаҵура. 1987 шықәса инаркны аибашьра иалагаанӡа аус иуан ВУС еиҳабыс. Аибашьраан Мераб имаҷымкәа аџьабаа ибеит, далан Баслахәтәи абатальон, иагьианшьан “Агәымшәараз” амедал. 1996 шықәса инаркны аус иуан Галтәи арратә коммисариат аиҳабыс. 1998 шықәса лаҵара 26 рзы дҭахоит. Данҭаха ашьҭахь ианашьан “Леон” иорден.

Back to the list