Берулаа Александр (Саша) Шьаликәа-иҧа

Берулаа Александр (Саша) Шьаликәа-иҧа

(09.01.1974 - 28.11.1994)

Берулаа Александр (Саша) Шьаликәа-иҧа диит 1974 шықәсазы, Очамчыра араион Баслахә ақыҭан. Иқыҭаҿ абжьаратә школ даналга ашьҭахь дахысуеит аррамаҵура. Аибашьра ианалага, жәаа шықәса зхыҵуаз арҧыс гәымшәарак ҟамҵакәа абџьар шьҭыхны еибашьра дцоит. Аибашьра актәи азбжазы, иара деибашьуан Мраҭашәаратәи афронт аҿы, анаҩыс диасуеит Мрагыларахьтәи афронт ахь. Баслахәтәи аҧшьбатәи абатальон аҿы. Ахҧатәи аполк аҿы деибашьуан аиааира амш аҟынӡа. 1994 шықәсазы Александр машәырла дҭахоит. Ианашьоуп “Агәымшәаразы” амедал.

Back to the list