Кәакәасқьыр Даур (Жёлтый) Џьумка-иҧа

Кәакәасқьыр Даур (Жёлтый) Џьумка-иҧа

(16.02.1963 - 23.01.2008)

Кәакәасқьыр Даур (Жёлтый) Џьумка-иҧа диит 1963 шықәса, жәабран 16 рзы. Аҵара иҵон Ҧақәашьтәи абжьаратә школ аҟны, уи даналга дҭалоит Черқессктәи азаннаҭтә техникум. Аибашьраан деибашьуан Баслахәтәи аҧшьбатәи абатальон, ахҧатәи аполк раҧхьаӡатәи акомандаҟаҵаҩыс. Анаҩыс, абатальон акомандаҟаҵаҩыс Даур Кирҭаӡе дныжьны, дииасуеит Аслан Занҭариа анапхгара зииуаз “Катран” агәыҧ ахь. Аибашьра ашьҭахь Даур акыр шықәса Гал аус иуан. Иара хҩык ахшара драбын. Ичымазара иахырҟьаны иҧсҭазаара далҵит 2008 шықәсазы. Ианашьоуп “Агәымшәараз” амедал.

Back to the list